Арсалиаԥҳа дрылацәажәеит АЗХ абылра ашьҭахьтәи ашьаҿақәеи аԥхьаҟатәи алшарақәеи ртәы
Арсалиаԥҳа дрылацәажәеит АЗХ абылра ашьҭахьтәи ашьаҿақәеи аԥхьаҟатәи алшарақәеи ртәы
Жьҭаара 1 2025 шықәсазы Аԥсны Ацәыргақәҵатә зал хада аиҭашьақәыргылара ашьҭахь раԥхьатәи ацәыргақәҵа аатит. Ари азал аартра аҟазацәа рыԥсҭазаараҿы даара акыр зҵазкуа усуп ҳәа азгәалҭеит азал аиҳабы Ельвира Арсалиаԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы ашықәс аихшьаалақәа ҟаҵо. Лара илҳәеит, азал хада аиҭашьақәыргыла ҷыдала иамаз ахылаԥшра иабзоураны аамҭа кьаҿла аартра шалыршахаз. Дазааҭгылеит ашықәс анҵәамҭазы Ацәыргақәҵатә зал хадаҿы ишымҩаԥысыз х-цәыргақәҵак. Аурыс сахьаҭыхыҩцәа Аԥсны иазыркыз русумҭақәа рцәыргақәҵа, азал хада аартра иазкны аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа рцәыргақәҵа, ашықәс иреиӷьу аусумҭақәа рцәыргақәҵа. Иара убас, Арсалиаԥҳа дазааҭгылеит ацәыргақәҵатә зал аԥхьаҟатәи агәҭакқәагьы. Еще больше новостей об Абхазии читайте на нашем сайте: https://sputnik-abkhazia.ru/ Подписывайтесь на нас в соцсетях, там всегда интересно: https://t.me/SputnikAbkhazia http://www.tiktok.com/@sputnikabkhazia https://zen.yandex.ru/sputnik-abkhazia.ru https://vk.com/sputnikabkhazia https://ok.ru/sputnikabk